Версия для печати
Аҧсуа абызшәа азҵаара иазкны Акомиссиа аилатәара
Среда, 23 июля 2025 11:55

Аҧсуа абызшәа азҵаара иазкны Акомиссиа аилатәара

Ҧхынгъы 23 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палатаҿы Малиа Дона ахантәаҩра зылҭо Аҧсуа бызшәа аҿиареи, аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, адоуҳатә ҭынха аиқәырхареи рзы акомиссиа, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра аминистр Гәынба Ханеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Саӡба Инари алархәны абызшәа азҵаара иазкны аилатәара мҩаҧнагеит. Уаанӡа Ауаажәларратә палата иазнархиаз алагалақәеи, насгьы ҧхьаҟа ишьҭоу аусмҩаҧгатәқәеи ирылацәажәеит. 

Прочитано 204 раз